НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иракли Ӷарибашвили Мадридтәи асаммитахь дааиԥхьеит
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иракли Ӷарибашвили Мадридтәи асаммитахь дааиԥхьеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟынтә Мадридтәи асаммитахь ааҧхьара иоуит.

Иенс Столтенберг иааҧхьаратә шәҟәы аҟны ишазәгаҭоу ала, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгахо адискуссиаҿы ахадаратә ҵакы амазароуп аглобалтә шәарҭадара азҵаара. 

„Рашәара  28-30 рзы Испаниа аҳҭнықалақь Мадрид имҩаҧысуа НАТО асаммитахь ааҧхьара шәысҭоит. 

Сшәыҳәар сҭахуп  рашәара 29 шьыбжьон,  аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапахгаҩцәа рыҩаӡараҟны имҩаҧысуа Аҩадаатлантикатә хеилак аиҧылара ҷыда шәхәы алашәырхәырц. Иара убас, зыӡбахә ҳәоу аиҧыларашҟа аасыҧхьеит Австралиа аҧыза-министри, Финлиандиатәи ареспублика ахадеи, Иапониа аҧыза-министри, Кореиатәи ареспублика ахадеи, Зеландиа Ҿыц аҧыза-министри, Швециа аҧыза-министри, Европатәи Ахеилак ахадеи, Евроеидгыла ахадеи. 

Ҳәарада, ҳара ахадаратә ҵакы змоу аамҭазы ҳаиҧылоит. Украина ажәылара ала Урыстәыла Европаҿ аҭынчра еиланагеит. Уажәы аглобалтә шәарҭадара аханатә иҳәаақәҵахоит, абри игәнаҳау аибашьра алҵшәақәа евроатлантикатә әқыҧшылара анҭыҵгьы иубарҭоуп. Урыстәылеи егьырҭ авторитартә мчқәеи аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәыргылоу жәларбжьаратәи аиҿкаара иаҧырхагоуп. Атрансатлантикатә еиҩызара Урыстәыла абруталтә агрессиа иахәҭоу аҭак арҭеит, уи убарҭоуп уажәазы иҟоу акзаареи аидгылареи алагьы.