Намахвантәи  ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа Қарҭ акциа мҩаҧыргоит

 Намахвантәи  ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа Қарҭ акциа мҩаҧыргоит.

Акциа алахәылацәа Ареспублика ашҭаҿы еизоит асааҭ 14:00 рзы.  Активистцәа рыхәҭак Қәҭешьынтә иаауеит, Қәҭешь акәын аҵыхәтәантәи амзақәа рзы апротесттә ҵысра аепицентрс иҟаз.

Активистцәа ишырҳәаз ала,  аиҳабыра рыҳәара нарыгӡаанӡа,   Қарҭ иҟазаауеит.