Мшаҧы аныҳәамҭқәа раан амч зауа аҧкрақәа
Мшаҧы аныҳәамҭқәа раан амч зауа аҧкрақәа

Лаҵара 3-12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зеџьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит; Мшаҧы аныҳәамшқәа раан   анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом – арҭ аӡбарақәа рыдыркылеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак  аилатәараҿы.

Ахеилак алахәылацәа, адунеи аҿгьы, Қырҭтәылагьы акоронавирус аҿкаара афактқәа рыцлара адинамикеи ахәышәтәырҭақәа рҿы ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара азҳареи  иалацәажәеит. Аҧыза-министр идҵала, Агәабзиарахьчара аминистрра, иҵегьы аиарҭаҭыҧқәа реиқәыршәареи, амедикаментқәеи, аҵәыҵәри, атестқәеи рҭаҵәах ахарҭәаареи иазку аплан еиқәдыршәеит. Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, асистема зегьы реиҳа ицәгьоу асценари азы ихиоуп, аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит, аиҳабыра ари апроцесс анапхгара азыруеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, уажәтәи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра рыла иҳәаақәҵоу агәыҧқәа  лаҵаразгьы аҳәынҭқарра ахарџьла атестқәа рзыҟарҵоит;

иааигәахо Мшаҧы аныҳәамшқәа ирыдҳәаланы, Қырҭтәыла Апатриархиаҟны еиқәшаҳаҭны, ишырыӡбаз ала,  аныхабаақәа рҿы аныҳәатә литургиа мҩаҧгахоит аепидемиологиатә шәарҭадара анормақәа зегьы инрықәырәшаны;

аныхабаақәа рҿы ишьақәдыргылоит абжьытә системақәа, асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи аҧҟарақәа ихьчазаауеит;
иара убас, азин ҷыда ҳасабала, Мшаҧытә литургиа иадҳәаланы, ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра аҧыхзаауеит уахык мацара, лаҵара 1 асааҭ  23:00 инаркны лаҵара 2 асааҭ 04:00-нӡа;

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аныҳәамшқәа раан анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом; анышәынҭрақәа рахь ицо амҩақәа зегьы аркызаауеит;

ишдыру ала, лаҵара 4-11 рзы Қырҭтәыла аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, абри аӡбара ауаа реиҭаҵра армаҷра иазкуп. Акоординациатә хеилак аӡбара ала,  лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит;

аамҭакала, авакцинациа амилаҭтә план инақәыршәаны, авакцинациа апроцесс активла инагӡахоит.  Аиммунизациа адунеизегьтәи амчыбжь инамаданы, ҳазну амчыбжь инаркны, авакцинациа  апроцесс рхы аладырхәоит Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламент алахәылацәеи;

иашьашәалоу аусбарҭақәа атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьа ахылаҧшра нарыгӡоит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә тенденциақәа ирыцклаҧшуеит, анеҩстәи аӡбарақәка рыдыркылоит шьаҭанкылатәи анализ ашьаҭа ала.