Мшаҧы аныҳәа инамаданы,  қарҭтәи анышәынҭрақәа рахь идәықәло ауааҧсыра хәыҧсада автобусқәа рхы иадырхәар рылшоит

Қарҭ ахада аӡбарала,  мшаҧы  24-еи 25-еи,  асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00-нӡа,  қарҭтәи анышәынҭрақәа рхырхарҭала хәыҧсада автобусқәа дәықәаҳҵоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Ауааҧсыра амуниципалтә транспортла инеир рылшоит  Мухатгвердии Вашлиџьварии иҟоу анышәынҭрақәа рахь. Автобусқәа дәықәлоит аметро  «Дидубе» аҟынтә;  амуниципалтә транспортла хәыҧсада анеира ҟалоит Кукиа анышәынҭрашҟагьы, автобусқәа дәықәлоит  Авокзалтә ашҭеи Коте Марџьанишви ишҭеи аҟынтәи; иара убас, Сабуртоло иҟоу анышәынҭрашҟа автобусқәа дәықәлоит аметро «Делиси» аҟынтә; Ҕрмаҕеле анышәынҭрашҟа   – аметро  «Сараџьишвили» аҟынтә; Вера анышәынҭрашҟа ицо автобусқәа аангылоит Бессарион Ҷиҷинаӡе имҩаҿ иҟоу акорпус 25 аҧхьа,   Варкеҭили иҟоу анышәынҭрашҟа автобусқәа дәықәлоит аметро  «Варкеҭилии»  Шуамҭа амҩеи аҟынтәи», — иҳәеит  Калаӡе.