Амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит
Амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит

Амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит. Иашьашәалоу аӡбара  рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аҿы.

Амуниципалтә транспорт амаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апассаџьырцәа атранспорт аҿы ишьақәгылоу арегулиациақәа шынарыгӡо иашьашәалоу амаҵзура аусуҩцәа гәарҭоит.

Амуниципалтә транспорт аусура аанкылара иазкыз аԥкра иазкыз аӡбара рыдыркылеит нанҳәа 14 рзы. Амуниципалтә транспорт аныҟәара раԥхьаӡаа аанкылан цәыббра 4-нӡа, аха ашьҭахь аҿҳәара ахырԥан цәыббра 13-нӡа.

Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак анапхгаҩы Гиорги Ӷибраӡе ишааицҳаз ала, егьырҭ аԥкрақәа макьана иаанхоит.