Қарҭ амуниципалтә транспорт азы амҩақьыратә билеҭқәа рыҭира иалагеит
Қарҭ амуниципалтә транспорт азы амҩақьыратә билеҭқәа рыҭира иалагеит

Иахьа инаркны,  ауааҧсыра, атәыла аҳҭнықалақь аҿы амуниципалтә транспорт ахархәаразы амҩақьыратә билеҭқәа аархәар рылшоит. Абилеҭқәа рҭиуеит қарҭтәи аметро акассақәа рҿы.

Қарҭ ахадараҿы иҟоу Атранспорти ақалақьргылареи амаҵзура анапхгаҩы Виктор Ҵилосани ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, уаҵәы инаркны ауаа абилеҭқәа ааархәар рылшоит  «Қырҭтәыла абанк» аекспресс-аҟәшақәа рҿгьы.

Иара убас, апассаџьырцәа, ҧыхьеиҧш, атранспорт аҿы амҩақьыра ршәар рылшоит акарта  «Метроман» алагьы, — иҳәеит Виктор Ҵилосани.