Мшаҧы аухаз аметро асааҭ 00:00 инаркны асааҭ  04:00-нӡа аус ауеит
Мшаҧы аухаз аметро асааҭ 00:00 инаркны асааҭ  04:00-нӡа аус ауеит

Мшаҧы аухаз аметро асааҭ 00:00 инаркны асааҭ  04:00-нӡа аус ауеит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Мшаҧы аухаз аметро асааҭ 00:00 инаркны асааҭ  04:00-нӡа аус ауеит. Ауааҧсыра анышәынҭрақәеи ауахәамақәеи рышҟа инеиуеит,  убри аҟынтә,  амуниципалтә транспорт рзеиқәыршәазаауеит. Лымкаала, мшаҧы 24 рзы аметро асааҭ  00:00 инаркны асааҭ  04:00-нӡа аус ауеит. Уи адагьы,  мшаҧы  24-еи 25-еи,  асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00-нӡа,  қарҭтәи анышәынҭрақәа рхырхарҭала хәыҧсада автобусқәа дәықәаҳҵоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.