Москва аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылараан хыбрақәак аԥхасҭа роуит, атәылахьчаратә мчқәа дронқәак рҭархара рылшеит
Москва аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылараан хыбрақәак аԥхасҭа роуит, атәылахьчаратә мчқәа дронқәак рҭархара рылшеит

Москва аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылараан хыбрақәак аԥхасҭа роуит, – ааицаит Москва ахада Сергеи Собианин.

“Иахьа, шьыжьымҭан аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылараан хыбрақәак аԥхасҭа роуит. Ақалақь аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзурақәа зегы аҭып ахь инеит. Урҭ аусԥшаара иаҿуп. Ахәрақәа аӡәгьы имоуит”, – иҳәеи т Урыстәыла аҳҭнықалақ ахада.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ажәылара ҩхыбрак рганахьала мҩаԥган.