Молдова вице-аԥыза Олег Серебрианыи Оӡиси, ампыҵахаларатә цәаҳәахь днеит
Молдова вице-аԥыза Олег Серебрианыи Оӡиси, ампыҵахаларатә цәаҳәахь днеит

Қырҭтәыла ҩымштәи аусуратә визитла иҟоу Ареинтеграциа азҵаарақәа рзы Молдова вице-аԥыза, Олег Серебрианыи Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиании Оӡиси, ампыҵахаларатә цәаҳәахь инеит.

Молдова вице-аԥыза ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа гәеиҭан, Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакцәа рҟынтә Цхинвалтәи арегион ахырхарҭала ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ аиҭаҵреи, ампыҵахаларатә режим ишьақәнаргылаз аԥкрақәеи, аихатә ҭелқәеи егьырҭ иԥсабаратәым абариерқәа изакәанымкәа рыргылареи, Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа раанкылареи, ауаҩы́тәыҩса изинқәа реилагареи ирызку аинформациа иоуит.