Иракли Ӷарибашвили Молдова вице-аԥыза диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Молдова вице-аԥыза диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ареинтеграциа азҵаарақәа рзы Молдова вице-аԥыза, Олег Серебриан диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥыларҿ аганқәа ирыхәаԥшит ҩтәылак ирыбжьоу аусеицура ашьаҭатәи ахырхарҭақәа. Иазгәаҭан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҽы атәылақәа ресеицура арҭбаара аҵакы.

Иракли Ӷарибашвилии Олег Серебриани иазгәарҭеит аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ахадаратә ҵакы  шамоу.

Иара убас аганқәа ассоциациатә трио иалоу атәылақәа Евроеидглыхь ринтеграциа апроцесс иахцәажәеит. Иазааҭгылеит Евроеидгыла арекомендациақәа рынагӡара апроцесс.