Қырҭтәыла визитла дыҟоуп Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина
Қырҭтәыла визитла дыҟоуп Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина

Арегионалтә турне аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина иахьа Қырҭтәыла даҭаауит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформаица ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда ақыҭа Оӡиси ампыҵахаларатә цәаҳәашҟа днеит. Аҭыԥ аҿы  Хавиер Коломина Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа иҟынтә  ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи, ицәгьоу агуманитартә ҭагылазаашьеи ирызку адыррақәа иоуит.

“Иахьа ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ исоуз адыррақәа сгәы ԥнажәеит, административтә аҳәааи ара иҟоу аҭагылазаашьеи ирызкны адырра наӡа соуит. Нато азы абариерқәа рыргылара адкылашьа амам, Урыстәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра пату шақәнамҵо иубартоуп,” – иҳәеит Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина .