Михаил Подолиак -  Украина имҩаҧысуа аибашьраҿ  иҭахеит 13 нызқьҩык украинатәи аруаа  
Михаил Подолиак -  Украина имҩаҧысуа аибашьраҿ иҭахеит 13 нызқьҩык украинатәи аруаа  

Украина ахада иофис абжьагаҩ  Михаил Подолиак иҳәамҭала,  Украина имҩаҧысуа аибашьраҿ зынӡа иҭахеит 13 нызқьҩык украинатәи аруаа.   Подолиак ари аҳәмаҭа ҟаиҵеит украинатәи АИХ аинтервиу анриҭоз.

BBC адыррқәа рыла, Украина Арбџьармчқәа рҿы ари аинформациа макьана ишьақәыдмырҕәҕәеит.

Иара убас,   Подолиак ишазгәеиҭаз ала,  аибашьраан иҭахеит  100 нызқьҩык раҟара аурыс аруаа, даҽа  100-150 нызқьҩык ахәрақәа роуит ма хабарда иӡит.