Михаил Подолиак Иракли Ӷарибашвили иахь ааԥхьара ҟаиҵоит
Михаил Подолиак Иракли Ӷарибашвили иахь ааԥхьара ҟаиҵоит

Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Михаил Подолиак асоциалтә каҭаҿ Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахь ааԥхьара ҟаиҵоит.

Подолиак ишааицҳаз ала, Украина, европатәи адемократиа ахьалнахыз, ахә ду шәара ақәшәеит, аха ахәынаӡарақәа афеида аҵкьыс ихадароуп ҳәа.

Михаил Подолиак Ӷарибашвили диазҵаауеит, шәара шәзы хадарас иамои ҳәа.

„Ахатәгәаԥхарала урыстәылатәи аракетақәа рылаӡара аӡәгьы иҭахым. Украина, европатәи адемократиа, ацивилизациа ахьчара ахьалнахыз, ахә ду шәара ақәшәеит, аха ахәынаӡарақәа афеида аҵкьыс ихадароуп. Шәара шәзы хадарас иамои?“– иҩит Подолиак.

Рашәара 13 рзы имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараӡ Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, ареформақәа рганахьала Қырҭтәыла раԥхьаӡа акәны Евроеидгыла акандидат астатус анашьара ақәнагоит ҳәа.