Михаил Подолиак - Украина уажәы афронт аҿы амоу ауадаҩрақәа мраҭашәаратәи абџьар амаҷра  иадҳәалоуп
Михаил Подолиак - Украина уажәы афронт аҿы амоу ауадаҩрақәа мраҭашәаратәи абџьар амаҷра иадҳәалоуп

Украина уажәы афронт аҿы амоу ауадаҩрақәа имаҷны иҳамоу мраҭашәаратәи абџьар иадҳәалоуп,- иҳәеит Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы ибжьагаҩ Михаил Подолиак.

“Мызкы ацынхәрас, абџьар аамзы уаназыԥшу, ари аамз иралыгӡаны акгьы узыҟаҵом”, – иҳәеит Подолиак.

Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы ибжьагаҩ иажәақә рыла, мраҭашәаратәи адемократцәа уажәгьы ирзеилкауам Урыстәыла шәарҭас иаанарԥшуа.

Подолиак ишазгәеиҭаз, Укаинаҿ Урыстәыла аиааира агар, ари ЕАШ-и мраҭашәареи рыпату ланарҟәоит.