Украина ахада иофис Урыстылаҟны аиҿцәажәаразы иаҭаху ԥшьзыҳәарак аланарҵәеит
Украина ахада иофис Урыстылаҟны аиҿцәажәаразы иаҭаху ԥшьзыҳәарак аланарҵәеит

Украина ахада иофис Урыстылаҟны аиҿцәажәаразы иаҭаху ԥшьзыҳәарак аланарҵәеит. Зеленски иофис анапхгаҩы иабжьагаҩ Михаил Подолиак ишааицҳаз, Кремль аҟны атҿцәажәара алагаразы  иаҭаху ԥшьзыҳәарак рҿы Украина арратә аибыҭара аҭара иазыԥхьагәаҭоуп.

“Урыстәылаҟны аиҿцәажәаразы ииашоу позициа аҭахуп. Ишәыдаагалоит ԥшьпунктк: 1. Ахарахысратә артиллериа, аицҭырҟьаратә мца арекактивтә системақәеи, урыстәылатәи алоџьистика аиқәырхаразы америкатәи аоперативтә-техникатә аракетатә комплексқәа. 2. Укранатәи ақалақьқәа рыхьчаразы аҳаирхьчаратәи аракетаҭархагатәи системақәа. 3. Ажәылараә апилот дызмам аппаратқәа. 4. Акәалҿтехника аконтржәыларазы”, – тҩит Подолиак.