Михаил Ҟавелашвили – ВВС иаланарҵәаз адезинформациа хьанҭоуп, ҳара адҵақәа рынагӡаразы мап ҳкит,   „диҧ сҭеит“ ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу  ахархәагақәа  абас аҭак ҟарҵоит
Михаил Ҟавелашвили – ВВС иаланарҵәаз адезинформациа хьанҭоуп, ҳара адҵақәа рынагӡаразы мап ҳкит,   „диҧ сҭеит“ ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу  ахархәагақәа  абас аҭак ҟарҵоит

 

Дара ирылшо ала Қырҭтәыла иаҧырхагахар рҭахуп, избанзар, рыдҵақәа рынагӡаразы мап ҳкит. Уи аҿаҵоуп. Ҳара мап ҳкит,  убри аҟынтә, „диҧ сҭеит“, уи ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу ахархәагақәа рыла, иаҭакны  абри ашьаҿа ҟанаҵеит, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ателееилахәыра  „Имеди“ аефираҿ ВВС асиужет данахцәажәоз.

Михаил Ҟавелашвили Саакашвили абахҭаҿ ддырәәаҟуазшәа ВВС иаланарҵәаз асиужетгьы игәалаиршәан, ишиҳәаз ала, уажәтәи асиужети Саакашвили иргәаҟра ауси еиҧшуп, избанзар, аҩ-сиужетк хықәкыла адезинформациа аларҵәара иазкуп.

„ ВВС иаланарҵәаз адезинформациа хьанҭоуп, ҳара адҵақәа рынагӡаразы мап ҳкит,  убри аҟынтә, „диҧ сҭеит“ ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу  ахархәагақәа  абас аҭак ҟарҵоит. Ҳара Михаил Саакашвилигьы идҳәаланы имаҷымкәа адезинформациа ҳбеит. Усҟан ишҳақәыҕәҕәоз шәгәалашәома? Ацҳаражәҳәарҭақәа зегьы апротест ҟарҵон. Михаил Саакашвили цәгьала дыҟазшәа, ашҳам ирҭазшәа, ддыргәаҟуазшәа, аҧсра даҿушәа адезинформациа аладырҵәон. Уажәтәи асиужети Саакашвили иргәаҟра аус еиҧшуп, избанзар, аҩ-сиужетк хықәкыла адезинформациа аларҵәара иазкуп“, – иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.