Михаил Ҟавелашвили Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху апремиеи Қырҭтәыла Амилаҭтә премиеи алауреатцәа анашьамҭақәа риҭеит
Михаил Ҟавелашвили Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху апремиеи Қырҭтәыла Амилаҭтә премиеи алауреатцәа анашьамҭақәа риҭеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху апремиеи Қырҭтәыла Амилаҭтә премиеи алауреатцәа анашьамҭақәа риҭеит.

Апрезиденттә аханаҿ имҩаҧгаз ацеремониа рхы аладырхәит  акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи,  Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху апремиеи Қырҭтәыла Амилаҭтә премиеи ранашьаразы акомиссиа алахәылацәеи, асасцәеи.

Михаил Ҟавелашвили  алауреатцәа зҵакы дуу ақәҿиара рыдныҳәаланы,  амилаҭтә ҵакы змоу аус аҿы алагала ду аҟаҵаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху апремиа ранашьан Уасил Чигогиӡеи,  Гоча Капанаӡеи,  Ломгул Мурусиӡеи,  Рамин Миқабериӡеи,  Бела Шалвашвилии.

Қырҭтәыла Амилаҭтә премиа ранашьан академикцәа Алеқсандр Нерсесиани Гьаргь Џьаҧариӡеи.