Михаил Ҟавелашвили Папа Римтәи анышә иаҭара инамаданы Ватикан иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҿы анҵамҭа ҟаиҵеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Папа Римтәи Франциск анышә иаҭара инамаданы Ватикан иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҿы анҵамҭа ҟаиҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа.
Администрациа адыррақәа рыла, атәыла ахада Ватикани, акатоликатә уахәамеи, адунеи зехьынџьара миллионҩыла адинхаҵаҩцәеи дрыдашшылеит.
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили мшаҧы 26 рзы, Ватикан, Папа Римтәи Франциск анышә иаҭара ацеремониа ихы алаирхәоит.