Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ Ана Мариа Шико дылҧылеит
Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ Ана Мариа Шико дылҧылеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла здипломатиатә миссиа аҿҳәара нҵәо  Венгриа ацҳаражәҳәаҩ Ана Мариа Шико дылҧылеит.

Аиҧырҵратә аиҧылараҿы Михаил Ҟавелашавили адипломат Қырҭтәылеи Венгриеи рпартниорра аҿиараҿы иҟалҵаз алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа леиҳәеит.

Қырҭтәыла ахада ишиҳәаз ала,  Венгриа Қырҭтәыла априоритетқәеи амилаҭтә интересқәеи ҳаҭырла ирызныҟәоит, уи алагьы иубарҭоуп ҩ-тәылак иалкаау аизыҟазаашьақәа шрыбжьоу.

Атәыла ахада ацҳаражәҳәаҩ наҟ-наҟтәи лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.

Аиҧылара мҩаҧган апрезиденттә аханаҿ.