Михаил Ҟавелашвили – Ҳгыҧ ишырыҧхьаӡаз ала, сара апрезиденттә институт аконституциатә ҳәаақәа рахь архынҳәра сылшоит
Михаил Ҟавелашвили – Ҳгыҧ ишырыҧхьаӡаз ала, сара апрезиденттә институт аконституциатә ҳәаақәа рахь архынҳәра сылшоит

Ҳгыҧ ишырыҧхьаӡаз ала, сара апрезиденттә институт аконституциатә ҳәаақәа рахь архынҳәра сылшоит.  Сара сзы уи ҳаҭыр дууп,  ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвилии ҳгәыҧи  абас иахьсыдгылаз азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит, — иҳәеит Қырҭтәыла ҿыц иалху ахада Михаил Ҟавелашвили ателееилахәыра  «Имеди» аинтервиу аҿы.

«Исырҭаз ажәалагала ҳалацәажәозар,  апартиа аҳаҭыртә напхгаҩи аҧыза-министри исыҧхьеит. Ҳәарада,  скандидатура иқәдыргылоит ҳәа сыҟамызт.  Ари апроцесс иаартны имҩаҧысуан. Абрифинг аҿы ирҳәеит хаҭала сара скандидатура зықәдыргылаз,  уажәтәи аҭагылазаашьаҿы сара атәыла ахадас сҟалар зыҟало. Ари ажәалагала сазхәыцырц азыҳәан мышқәак сырҭеит.  Ҳполитхеилак алахәылацәа рҟны аконсультациақәа сыман,  даргьы исыдгылеит,  убри азоуп акандидатра сзақәшаҳаҭхаз», — иҳәеит Ҟавелашвили.