Михаил Ҟавелашвили — Ҳацҳаражәҳәаҩ Америка ахада диҧылахьеит, уи угәы иаахәаша фактуп, ҳара аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳазыхиоуп
Михаил Ҟавелашвили — Ҳацҳаражәҳәаҩ Америка ахада диҧылахьеит, уи угәы иаахәаша фактуп, ҳара аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳазыхиоуп

Ҳацҳаражәҳәаҩ Америка ахада диҧылахьеит, уи угәы иаахәаша фактуп, ҧасатәи администрациа ҽакала иҳазныҟәон, уажәы аҭагылазаашьа аҽаҧсахит,  ҳара   аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳазыхиоуп, — иҳәеит Қырҭәтыла ахада Михаил Ҟавелашвили.

Иара иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла аҭактә шьаҿақәа ирзыҧшуп,  адискуссиа иазыхиоуп.

«Администрациа уажәы излацәажәо апроблемақәа ҳара уаанӡагьы ҳрылацәажәахьан.  Ҳара Америкеи Европеи ракәымкәа,  абарҭ апроблемақәа ҳарҿагылан. Аха,  усҟан дара рҟынтә иҩбоу астандартқәа иҟан. Урыстәыла ҳадгылоушәа ирҳәо зегьы башоуп,  дара аргументкгьы рымам. Ари атема алацәажәара иирччагоуп. Ҳара аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳазыхиоуп,  дара рҟынтә аҭакшьы шьаҿақәа ҳрызҧшуп.  Агәра ганы сыҟоуп абри зегьы анеилыркаалак ҳаиҧылара шымҩаҧысуа. Ҳара акывмзарак ҳаҧсахуам,  ҳуааҧсыра хықәкыс иҳамоу,  иарбан мҩоу ҳазну  раҳҳәоит. Аҭактә шьаҿақәа орыҟаҵаразы аҭакҧхықәра ргароуп Америка уажәтәи администрациа. Ҳара адискуссиа ҳазыхиоуп», — иҳәеит Ҟавелашвили.

Америка иҟоу Қырҭәтыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Ҭалиашвили,  Аҩны шкәакәаҿ  Америка ахада Дональд Трамп агәрагаратә шәҟәқәа илҭеит.