Михаил Ҟавелашвили — Ҳаруаа фырхацәа ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, Қырҭтәыла аруаа фырхацәа еснагь иҟан, иҟоуп, егьиҟалоит
«Иахьа ҳара ҳаибашьцәа фырхацәа, ҳмилаҭтә фырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, дара ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра рхы ақәырҵеит», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Мухаҭгверди аешьаратә нышәынҭраҿы ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ҟавелашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аруаа фырхацәа еснагь иҟан, иҟоуп, егьиҟалоит.
«Дара хашҭра рықәым. Қырҭтәыла аруаа фырхацәа еснагь иҟан, иҟоуп, егьиҟалоит. Ҳазхысыз амҩа зегьы ҳажәлари ҳаруаа фырхацәеи ирыбзоуроуп. Убри аҟынтә, ари аус иадҳәаланы изакәызаалак зҵаарак иҟамзароуп. Ҳара еснагь ҳрымҵахырхәоит, иҟарҵаз ахаан иаҳхамшҭроуп, Қырҭтәыла изакәытә фырхацәоу иҟоу ҳхамшҭроуп», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.
Михаил Ҟавелашвили Мухаҭгверди аешьаратә нышәанҭраҿы иҟоу Афырхацәа рмемориал аҧхьа ашәҭқәа шьҭаҵаны, аибашьра иалазыӡ аруаа рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.