Михаил Ҟавелашвили – Ҳаитәылауааи ҳдиаспореи ароль ду нарыгӡоит, шәара шәахьынхо атәылақәа рҿы ҳҳәынҭқарра шәахаҭарнакцәоуп
Михаил Ҟавелашвили – Ҳаитәылауааи ҳдиаспореи ароль ду нарыгӡоит, шәара шәахьынхо атәылақәа рҿы ҳҳәынҭқарра шәахаҭарнакцәоуп

«Ҳаитәылауааи ҳдиаспори ароль ду нарыгӡоит, шәара шәахьынхо атәылақәа рҿы ҳҳәынҭқарра шәахаҭарнакцәоуп  – ҳацҳаражәҳәаҩцәа шәоуп, егьырҭ атәылақәа рҿы Қырҭтәыла аӡыргара  алшара шәымоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Адиаспора рымш иазкыз афорум аҿы данықәгылоз.

Михаил Ҟавелашвили  аҿар ақырҭуа культуреи абызшәеи рылааӡара иаҿу ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Атәыла ахада иаҳасабала, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп сареи садминистрациеи ишиашо ари апроцесс аҽалархәра ҳшазыхиоу. Адиаспореи ҳаҧсадгьыли рыбжьара аимадара арҕәҕәара ҳазҿлымҳауп. Ишыжәдыруа еиҧш, атәыла ахада ари аус аҿы акрызҵазкәа ароль наигӡоит», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.