Михаил Ҟавелашвили Чехиеи Германтәылеи ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Михаил Ҟавелашвили Чехиеи Германтәылеи ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Чехиеи Германтәылеи ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит.

Атәыла ахада иадминистрациа апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Михаил Ҟавелашвили ақырҭуа дипломатцәа рмиссиа алагара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Руслан Абашиӡе Чехиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит. Алеқсандр Картозиа – Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа дахагылоит.

Аиҧылара мҩаҧган апрезиденттә аханаҿ.