Михаил Ҟавелашвили Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Зураб Хамашуриӡе диҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Зураб Хамашуриӡе диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада иадминистрациа.
Михаил Ҟавелашвили адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылара мҩаҧган Апрезиденттә аханаҿ.