Михаил Ҟавелашвили – Америкатә FARA еиҧшу азакәан, уажәшьҭа аурыс закәан ҳәа азуҳәар ҟалом, атәыла рацәа абри аҩыза азакәан адкылара алшара иахәаҧшуеит
Михаил Ҟавелашвили – Америкатә FARA еиҧшу азакәан, уажәшьҭа аурыс закәан ҳәа азуҳәар ҟалом, атәыла рацәа абри аҩыза азакәан адкылара алшара иахәаҧшуеит

«Иахьа атәыла рацәа, рхатә шәарҭадара аиқәыршәаразы, америкатә FARA еиҧшу азакәан адкылара алшара иахәаҧшуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили.

Иара иажәақәа рыла, депутатцәақәаки ацҳаражәҳәаҩцәақәаки азакәанпроект ахәаҧшра иаҟәыҵырц рыдарцалоит, абри азнеишьоуп европатәи апринципқәа ирҿагыло.

«Иааҟәымҵӡакәа аҳәҳәара иаҿын  — “аурыс”, “Урыстәыла иадгыло”, “урыстәылатәи азакәан” ҳәа  — уажәшьҭа уи ҵакык амам, уи еиҳангьы, иччархуп. Ҳара Евроеидгыла ҳалалар ҳҭахызар, азҵаарақәа рықәыргылара азин ҳамоуп. Депутатцәақәаки ацҳаражәҳәаҩцәақәаки азакәанпроект ахәаҧшра иаҟәыҵырц рыдарцалоит, абри азнеишьоуп европатәи апринципқәа ирҿагыло. Апарламент алахәыла ицәыригаз азакәанпроект хымҧада иахәаҧштәуп. Адискуссиа амҩаҧгара улымшозар, “аурыс” ма “Европа иаҿагыло“ азакәан ҳәа аҳәара ҟалом», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.