Михаил Ҟавелашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду ахантәаҩы Нуман Куртулмуш диҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду ахантәаҩы Нуман Куртулмуш диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада иадминистрациа.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәии аганрацәалатәи еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
«Аиҧылараҿы Аахыҵ Кавказ арегионаҿ аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Атәыла ахада ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара иазҿлымҳауп, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ари ахырхарҭала иҟарҵаз ашьаҿақәа ирзыразуп.
Аиҧылараҿы аекономикатә усеицҵура иаҵанакәа азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла дыҟоуп. Иара Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылахьеит», — иануп атәыла ахада иадминистрациа аҳәамҭаҿы.