Матеуш Моравиецки - Апарламенттә алхрақәа рҿы „Азини аиашареи“ аиааира агеит, нагӡара ақәзааит Польша
Матеуш Моравиецки - Апарламенттә алхрақәа рҿы „Азини аиашареи“ аиааира агеит, нагӡара ақәзааит Польша

Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецки апарламенттә алхрақәа регзитполқәа рцәыргара ашьҭахь асоциалтә каҭаҿы анапхгаратә партиа аиааира иазкны иҩит.

“Аиааира ҳгеит, „Азини аиашареи“ аиааира агеит 2023 шықәсазтәи апарламенттә алхрақәа рҿы, нагӡара ақәзааит Польша“, – иҩит Моравиецки “Твиттер” аҿы.

Польша апарламенттә алхрақәа регзитполқәа рыла, анапхгаратә партиа „Азини аиашареи“ (PiS) абжьқәа 36.8% аиуит, “Атәылауаҩратә коалициа” –  31.6″.