Мартвилтәии Ҷҟондидтәии аепархиаҿы иҟалаз аиҿагылара аан аахақәа зауз иҟоуп
Мартвилтәии Ҷҟондидтәии аепархиаҿы иҟалаз аиҿагылара аан аахақәа зауз иҟоуп

Мартвилтәии Ҷҟондидтәии аепархиаҿы иҟалаз аиҿагылара аан аахақәа зауз иҟоуп, урҭ иреиуп амедиа ахаҭарнакцәагьы.

Уааҵәҟьа аус зуаз Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, аепархиа ахаҭарнакцәеи аҭааҩцәеи аимак рыбжьалеит. Ишеилкаахаз ала, ҿыц иқәдыргылаз  амитрополит Стефане ҩыџьа адоуҳаныҟәгаҩцәа – Константине Габисониеи Петре Ӷудушаурии аҧшьаҩы хада ачын  рымихит, абри ауп аиҿагылара зыхҟьаз.

Аиҿагылара аан аепархиа аҩбатәи аихагылаҿ абарҵа  амҿтәы маакырҭақәа ҧҵәан, ауаа каҳаит.

Аепархиа аҭааҩцәа рыхәҭак амитрополит Стефане зыҧшра ҟамҵакәа аепархиа далҵырц иаҳәоит.