Марко Рубио - ЕАШ ахада, шәара зын Америка актәи аҭыԥ ахьааннакыло азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит
ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио ЕАШ-и УКраинеи рхадацәа реиԥылара дақәҿиҭит.
„ЕАШ ахада иҭабуп ҳәа иасҳәоит Америка адгыларазы. Уаанӡа ари аҟаҵаразы агәымшәара аӡәгьы имамызт. Шәара шәзы америкаа актәи аҭыԥ ахьааныркыло азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Америка шәыдгылоит”, – иҩит Рубио.
Иацы, Аҩны шкәакәаҿ ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии, Америка вице-ахада Џьеи Ди Венси еиԥылеит. Алидерцәа аихқәа рхаҭарнакцәа рҿаԥхьа аимак рыбжьалеит. Уи ашьҭахь ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара заацәа ихыркәшеит. Имҩаԥыргаран иҟаз апрессконференциагьы аԥыхын.