Марк Клеитон - Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьантә алҵшәа рыԥшаарц
Михеил Саакашвили изкны Еидҵоу Акралра апозициа аилыкка амоуп. Ҳара икылкааны ҳацклаԥшуеит игәабзиара аҭагылазаашьа зеиԥшроу, – иҳеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон.
Марк Клеитон иажәақәа рыла, Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп.
„Қырҭтәыла аиҳабыра рҭакԥхықәра атәы иааҟәымҵӡакәа ҳҳәоит – игәабзиареи ишәарҭадареи ихылаԥштәуп. Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьантә алҵшәа рыԥшаарц“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.