Мамука Мдинараӡе – Қырҭтәыла ахаангьы иахьеиҧш ахы иақәиҭымызт, ҳтәыла иазку аӡбарақәа Қырҭтәыла мацараҿ ирыдыркылоит, сара смилаҭра сазгәдууп
«Ҳаҧсадгьыли ақырҭуа жәлари ирызку аӡбарақәа Қырҭтәыла мацараҿ ирыдыркылоит, ҳара уи ҳахьӡеит, иарбанзаалак ашантаж, аемиссарцәа уҳәа, аӡәгьы уи дзаҧырхагахом», — иҩит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе асоциалтә аҳаҿы.
Мдинараӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахаангьы иахьеиҧш ахы иақәиҭымызт.
«Ҳаҧсадгьыл аҭоурых – ахьыҧшымра азықәҧара аҭоурых ауп, уи ақырҭуа агенетикатә кодуп. Аҧсадгьыл, абызшәа, адин – абри ахҩеила амилаҭтә алозунг хадас иҟалеит. Иахьа ақәҿиарақәа рацәа рылацәажәара ҳалшоит, Қырҭтәыла ахаангьы абри аҩыза аекономика ду иҟамызт, акоррупциа аҿагылареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, аҕарра аҿагылареи, аинфррастуктура аҿиареи уҳәа, аусхкқәа зегьы рҿы зеиҧшҟамлац апрогресс иҟоуп. Аха, зегьы реиҳа ихадоу – ахьыҧшымра аганахьала иҟоу апрогресс ауп. Қырҭтәыла ахаангьы иахьеиҧш ахы иақәиҭымызт, ҳтәыла иазку аӡбарақәа Қырҭтәыла мацараҿ ирыдыркылоит. Џьоукы уи ргәаҧхом, ргәы ҧнажәоит, Қырҭтәыла рхатә интересқәа рзы рхы иадырхәар рҭахын, аха, Қырҭтәыла уаҳа ахаангьы аӡәгьы имаҵ ауам! Ҳара уи ҳахьӡеит, иарбанзаалак ашантаж, аемиссарцәа уҳәа, аӡәгьы уи дзаҧырхагахом. Лаҵара 26 ҳара ҳамш ауп. Сара смилаҭра сазгәдууп! Қырҭтәыла ахьыҧшымра сазгәдууп», — иҩит Мдинараӡе.