Мамука Мдинараӡе -  Ҳара арадикализм ҳҽалаагалар ҳҭахым
Мамука Мдинараӡе -  Ҳара арадикализм ҳҽалаагалар ҳҭахым

Ажәлар ринтересқәеи мраҭашәаратә ҳпартниорцәа рпозициеи иазҧхьагәаҭаны, ҳара арадикализм ҳҽалаагалар ҳҭахым. Ҳара аиҿцәажәаратә аишәаҿы дара рҟынтә акы адымхаргьы акомпромисстә ажәалагала ҳазыҧшуп», — иҩит  «Ақырҭуа гәахәтәы» апарламенттә фракциа ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  атәылаҿы иҭышәынтәалоу адемоакратиатә аҿиареи евроинтеграциа апроцесси инагӡоит,  џьоукы егьа амц рҳәаргьы,   европатәи ахырхарҭала атәылаҿы иҟоу апрогресс аӡәгьы дзаҧырхагом.

«Ҳәарада, аоппозициаа ибзиаҵәҟьаны ирдыруан иацы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа  2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи иҵоуроу аихшьаала цәырыргараны ишыҟаз.  Дара ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит акы адымхаргьы,  акомпромисстә шьаҿа аҟаҵара шрықәшәо.  Урҭ рыхәҭак иааиуа амшқәа рзы абри аҩыза ажәалагала иалацәажәоит.  Аха,  аиқәшаҳаҭхара зҭахым ауааҧсыра   «архив еиқәа» аҟынтә ажәытә нҵамҭақәа цәырганы, иҧыҟҟаны,  амонтаж ҟаҵаны, аҵакы иҧсахны,  абри ареалра ҧаршеи ала ауаа ргәы ҧыржәар рҭахуп. Абри зегьы — аинформациатә террор ауп. Дара хықәкык ауп ирымоу  —  аиҿцәажәарақәа рҧырхагахареи,  ареванши,  аҳәынҭқарра абгареи,  мчыла амчра ампыҵахалареи», — иҩит Мдинараӡе асоциалтә аҳаҿы.