Маик Пенс 2024 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа ихы алаирхәоит
Маик Пенс 2024 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа ихы алаирхәоит

ЕАШ ԥасатәи вице-ахада Маик Пенс 2024 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа рҽалархәразы икандидатура аофициалла рашәара 7 рзы иқәиргылоит, – аанацҳаит АВСnews.

Акьыԥхь аинформациа ала, Пенс Аиова аштат аҟны адгылаҩцәа рҿаԥхьа алхратә кампаниазы иаԥҵоу авидеонҵамҭеи ажәалеи дықәгылоит.

Маик Пенс вице-ахадас дыҟан Трамп иадминистрациаҿ. Ахада иҭыԥ дазықәԥоит ЕАШ 45-тәи ахада Дональд Трампгьы. Иара убас Аҩны шкәакәаҿ анхара зин иазықәԥоит Флоридатәи агубернатор Рон Десантиси ЕАШ иахьатәи ахада Џьо Баидени.