Маиа Санду  - Украинатәи аган кремльтәи аплан ҳарҭеит, уи Молдова аҳәынҭқарратә аарҳәра амҩаҧгара иазкуп
Маиа Санду  - Украинатәи аган кремльтәи аплан ҳарҭеит, уи Молдова аҳәынҭқарратә аарҳәра амҩаҧгара иазкуп

Молдова ахада  Маиа  Санду лҳәамҭала, украинатәи аган Кремль аплан лырҭеит, уи Молдова аҳәынҭқарратә аарҳәра амҩаҧгара иазкуп.

Санду лажәақәа рыла, Киевынтә ироуз адокументқәа инрықәыршәаны, Урыстәыла анапхгара Урыстәылеи, Беларуси, Балканқәеи рҟынтә Молдоваҟа адиверсантцәа рнагара ргәы иҭан.

«Уи аамҭакьаҿлатәи плануп, уи ала иазҧхьагәаҭан арратә азыҟаҵара змоу ауааҧсыра рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ржәылареи, атҟәацәа ргареи», — илҳәеит Молдова ахада абрифинг аҿы.

Санду ишазгәалҭаз ала, Урыстәыла анапхгара Молдова амчра рнапахьы иааргар рҭахуп, уи азыҳәан адәныҟатәи амчқәа рыцхыраарала, Молдова аҭынчратә апротесттә акциақәа рымҩаҧгара рҽазыркит.

Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, азинхьчаратә органқәа аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.