Маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа рыларҵәара афакт азы Қырҭтәыла апрокуратура аусԥшаара хацнаркит
Маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа рыларҵәара афакт азы Қырҭтәыла апрокуратура аусԥшаара хацнаркит

Маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа рыларҵәара афакт азы Қырҭтәыла апрокуратура аусԥшаара хацнаркит. Ари атәы аарыцҳаит Апрокуратура хада аҟынтә.

«Азинда хазхаҭалатәи ахаҿқәа реиҿцәажәара маӡала рынҵареи рыларҵәареи, хазхаҭалатәи акоммуникаца анҵареи, атехникатә хархәага изакәанымкәа аиуреи рзы Қырҭтәыла апрокуратура аусԥшаара хацнаркит Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 158-тәи ахәҭаҷ 1-тәии 2-тәии ахәтақәа рыла, » иануп апрокуратура хада аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы