Ллоид Остин – Ааигәатә Мрагылараҿы аибашьра  хырҧашьа амам, аха, аӡәы Израиль дақәлар, Америка ари атәыла аҽыхьчараҿы иацхраауеит
Ллоид Остин – Ааигәатә Мрагылараҿы аибашьра  хырҧашьа амам, аха, аӡәы Израиль дақәлар, Америка ари атәыла аҽыхьчараҿы иацхраауеит

Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид Остин игәаанагарала,  Ааигәатә Мрагылараҿы аибашьра хырҧашьа амам, аха, аӡәы Израиль дақәлар, Америка ари атәыла аҽыхьчараҿы иацхраауеит.

«Мшаҧымзазы уи шыҟаҳҵаз жәбеит, иаҭаххар, еиҭаҟаҳҵоит», — иҳәеит  Остин.

Остин ишиҳәаз ала, ҲАМАС алидер дшыршьыз идыруеит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩныҵҟала иара Израиль атәылахьчара аминистр димацәажәацт.

Ааигәатә Мрагылараҿы аҭагылазаашьа аицәахара иазкны ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз Остин ишиҳәаз ала, Америка иалшо зегьы ҟанаҵоит ари аибашьра амасштабқәа иаҳа идуумхарц азыҳәан.