Ливан аҩадахьтәи ахәҭаҿы Израиль имҩаԥнагаз авиажәылараан бжьҩык аҭынч тәылауааи "Ҳезболла" хҩык алахәылацәеи ҭахеит
Ливан аҩадахьтәи ахәҭаҿы Израиль имҩаԥнагаз авиажәылараан бжьҩык аҭынч тәылауааи "Ҳезболла" хҩык алахәылацәеи ҭахеит

Ливан аҩадахьтәи ахәҭаҿы Израиль имҩаԥнагаз авиажәылараан бжьҩык аҭынч тәылауааи “Ҳезболла” хҩык алахәылацәеи ҭахеит.

Ливантәи ашиитцәа реиҿкаара аланарҵәаз аинформациала, иҭахаз дреиуп “Хезболла” аԥызацәа руаӡәы Али Муҳамад Аль-Дебес.

Адыррақәа рыла, уи “Ҳезболла” Палестина русзура напхгара азиуан.

Жьҭаара 7 рзы Израиль ажәыларақәа раан иҭахеит “Ҳезболла”  199-ҩык алахәылацәа.

“Ҳезболла” аланарҵәаз адырала, Израиль ари ажәыларазы аҭак аиуеит.