Линдси Грем – Иран аиҭакра дуқәа ҟалоит, уи Ааигәатә Мрагылара аҭоурыхаҿ идуӡӡоу аиҭакрақәа ракәхоит
Америкатә сенатор Линдси Грем Иран имҩаҧысуа ахҭысқәа дрыхцәажәеит. Ателеканал Fox News аинтервиу аҿы Линдси Грем ишиҳәаз ала, Иран аиҭакра дуқәа ҟалоит.
«Аиатолла – шәара цқьа еилышәкаароуп, иаҳа еиҕьу аҧсҭазаара иазықәҧо шәыжәлар рышьра шәаҟәымҵыр, Дональд Трамп шәшишьуа. Иран аиҭакра дуқәа ҟалоит, уи Иран ауааҧсыра анацисттә режим аҟынтә рыхьчаразы Ааигәатә Мрагылара аҭоурыхаҿ идуӡӡоу аиҭакрақәа ракәхоит. Ацхыраара амҩа иқәуп», — иҳәеит Линдси Грем.
Иран апротесттә акциақәа мҩаҧысуеит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, акциақәа раан иҭахеит 35ҩык, 1200ҩык иреиҳаны иаанкылоуп.