Леван Мгалоблишвили Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи араунд ихы алаирхәоит
Леван Мгалоблишвили Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи араунд мҩаҧысуеит. Ақырҭуа делегациа далоуп Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Леван Мгалоблишвили.
Леван Мгалоблишвили иҳәамҭала, аиҿцәажәарақәа 63-тәи араунд аан ахадаратә ҵакы амазаауеит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы амца аанкыларазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра анагӡареи ахҵәацәа шәарҭада рыхынҳәреи азҵаарақәа.
Иара убас, Мгалоблишвили ишиҳәаз ала, аиҿцәажәарақәа раан агуманитартә ҵакы змоу азҵаарақәеи, аиҭаҵра ахақәиҭра аҧкреи, ахатә бызшәала аҵара ақәиҭымтәреи, закәандарала аанкылара афактқәеи ирзааҭгылоит.
Иахьа Женева аицхантәаҩцәа ртехникатә аиҧылара мҩаҧысуеит, уаҵәы инаркны аиҿцәажәарақәа 63-тәи араунд иалагоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рпресс-маҵзура.