Вена, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Еснагьтәи ахеилак аилатәараҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи араунд иалацәажәеит

Вена, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Еснагьтәи ахеилак аилатәара мҩаҧган.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Қеҭеван Цихелашвили аиҿкаара алахәылацәа аинформациа рылҭеит рашәара 30 рзы имҩаҧгаз Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи араунд иазкны.

Лара ишазгәалҭаз ала, амч ахархәамреи, ашәарҭадара жәларбжьаратәи амеханизми, ахҵәацәа рыхынҳәреи уҳәа,   аиҿцәажәарақәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз ахадаратә зҵарақәа рыӡбара аганахьала изакәызаалак прогресск иҟам.

Ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала, аиҿцәажәарақәа раан хшыҩзышьҭра рызун  Урыстәыла ала ақыҭа Аибга закәандарала аннексиа аҽазкреи, имыпахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа ацәгьахареи, аҭыҧантәи ауааҧсыра рхы иақәиҭны аиҭаҵра рылшаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәареи, Заза Гахелаӡеи Иракли Бебуеи Генади Бестаеви рхақәиҭтәреи азҵаарақәа.

Аилатәараҿы Қырҭтәыла иадгыланы аҳәамҭақәа ҟарҵеит Евроеидгылеи, Украинеи, Америкеи, Ҭырқәтәылеи, Канадеи, Британиеи рделегациақәа.

Дара даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, насгьы, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәара ала, амца аанкылара иазкны аганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нанагӡарц.

Америка аделегациа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит импыҵахалоу арегионқәа рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧырырхырц.