Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Свен Гигольд
Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Свен Гигольд

Лаҵара 7 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Свен Гигольд, уи ицуп германтәылатәи абизнесменцәа рыла ишьақәгылоу аделегациа, – аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәара аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи аделегациеи Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рминистрреи атәылауаҩратә ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ирԥылоит.

Аиԥылрақәа рҿы Евроеидгыла азааигәахаразы Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәеи, Германтәыла адгылареи, имҩаԥгараны иҟоу ареформақәеи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.

Ацҳаражҳәара аинформациала, авизитла Гиголь Евроеидгыла амҩаҿ Қырҭтәыла адгылара ҷыда ааирԥшыр иҭахуп.