Аиҳабыра рыӡбарала, афашизм  аҵархара инаркны 79 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа 2000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа  - 1000 лари роуеит

Аиҳабыра рыӡбарала, афашизм  аҵархара инаркны 79 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа, зныктәи аҧаратә асоциалтә цхыраара аҳасабала, 2000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа  – 1000 лари роуеит.

Қырҭтәыла зехьынџьара, Қарҭтәи амуниципалитет ада,  аветеранцәа зныктәи аҧаратә асоциалтә цхыраара роуеит Қырҭтәыла ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра Асоциалтә маҵзура агентра аҟынтәи, Аветеранцәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура еиқәнаршәаз асиа ашьаҭала.

Аиҳабыра рыӡбарала, Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәеи Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи  аҧаратә цхыраара роуеит Қарҭ ахадара аҟынтәи.

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.