Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа  58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа  58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа  58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  ҧхынгәы 11 -12 рзы имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа раан Қырҭтәыла аделегациа анапхгара азиуан адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ  Лаша Дарсалиа.

„Аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа делегациа хшыҩзышьҭра хада рзыруит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аусхәаҧштә ахадаратә зҵаарақәа, урҭ иреиуп 2008 шықәса нанҳәа  12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡареи ахҵәацәа шәарҭада рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәреи ахымҧадара.

Иара убас, ақырҭуа делегациа урыстәылатәи ампыҵахалара амшала ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи аганахьала иҟоу апроблемақәа ирызку азҵаарақәагьы иқәдыргылеит.

Урыстәылеи уи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәеи рдеструктивтә позициа амшала,  ахадаратә зҵаарақәа иреиу  азҵааразы – ахҵәацәа рыхынҳәра азҵааразы адискуссиа зымҩаҧымсит. Ари азҵаара  алацәажәара ианалагаҵәҟьа, Москвеи, Аҟәеи, Цхинвали ахаҭарнакцәа ари атема аполитикатә ашьаҭа аҭаны, аиҿцәажәарақәа аанрыжьит“ – иануп аҳәамҭаҿы.