Леван Иоселиани Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Ален Берсе диҧылеит
Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Ален Берсе диҧылеит.
Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ идаҟьа ишану ала, аиҧылараҿы атәылаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи, аполитикатә полиаризациеи, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа рыла адемонстрантцәа ишахәҭам ала рызныҟәареи иалацәажәеит.
«Жәлар рыхьчаҩ асас изеиҭеиҳәеит иаанкылоу ауаа рзинқәа рыхьчара аганахьала иаппарат имҩаҧнаго аусура иазкны», — иануп Жәлар рыхьчаҩ иофис аинформациаҿы.