Ален Берсе – Атәым анырра иазку азакәанқәа иҩбоу астандартқәа рыла рыхәаҧшра ҟалом, Қырҭтәыла ма Венгриа зыҟаҵара ҟамло Германтәылеи Румынтәылеи рҿгьы иҟамлароуп
Ален Берсе – Атәым анырра иазку азакәанқәа иҩбоу астандартқәа рыла рыхәаҧшра ҟалом, Қырҭтәыла ма Венгриа зыҟаҵара ҟамло Германтәылеи Румынтәылеи рҿгьы иҟамлароуп

«Европаҿ атәым анырра иазку азакәанқәа рыдкылара иаҿуп, арҭ азакәанқәа иҩбоу астандартқәа рыла рыхәаҧшра ҟалом. Қырҭтәыла ма Венгриа зыҟаҵара ҟамло Германтәылеи Румынтәылеи рҿгьы иҟамлароуп», — иҩит Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Ален Берсе  Euronews аҿы икьыҧхьыз астатиаҿы.

«Европаҿ атәым анырра иазку азакәанқәа рыдкылара иаҿуп. Арҭ азакәанқәа азакәантә ашьаҭа рымазар ҟалап. Аха, ишысҳәаз еиҧш, урҭ атәылауаҩратә уаажәларра ақәыҕәҕәаразы ахархәара рыҭара ҟалом.

Арҭ азакәанқәа иҩбоу астандартқәа рыла рыхәаҧшра ҟалом, избанзар уи Европа аҳаҭыр ланарҟәоит.  Қырҭтәыла ма Венгриа зыҟаҵара ҟамло Германтәылеи Румынтәылеи рҿгьы иҟамлароуп», — иҩит  Берсе.