Лаша Хуцишвили – Асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауари ахаҿқәеи рсиа анеиқәдырәша ашьҭахьҵәҟьа, Афинансқәа рминистрра атәыла ахазалхратә ҵакырадгьылаҿ асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауар аиҭаҵразы ахылаҧшра ҕәҕәа шьақәнаргылеит
Лаша Хуцишвили – Асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауари ахаҿқәеи рсиа анеиқәдырәша ашьҭахьҵәҟьа, Афинансқәа рминистрра атәыла ахазалхратә ҵакырадгьылаҿ асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауар аиҭаҵразы ахылаҧшра ҕәҕәа шьақәнаргылеит

Асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауари ахаҿқәеи рсиа анеиқәдырәша ашьҭахьҵәҟьа, Афинансқәа рминистрра атәыла ахазалхратә ҵакырадгьылаҿ асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауар аиҭаҵразы ахылаҧшра ҕәҕәа шьақәнаргылеит, – иҳәеит афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Ахазалхырҭа жәларбжьаратәи амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.

Иара ишазгәеиҭаз ала, жәларбжьаратәи асанкциақәа анышьақәдыргыла ашьҭахьҵәҟьа, Ахашәалатә маҵзура ахазалхратә департамент аҿы  еиҿкаан  асанкциақәа рынагӡара иахылаҧшуа аусуратә әгыҧ.

„Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны аҧҵан   14 ашәарҭара апортфельқәа, урҭ рышьаҭала  аоперативла ааҳарҧшуеит асанкциақәа ззышьақәыргылоу афизикатә хаҿқәеи аилахәырақәа рахь ицо иқәиҭыму атауар,   Қырҭтәыла ахазалхратә ҵакырадгьыл аҿы  ари атауар аиҭаҵра ҳахылаҧшуеит. Иара убас, агәаҭара-аужьҭратә пункт „Ҟазбеги“ аҿы иацҵаны ишьақәыргылоуп ахылаҧшразы иаҭаху,иашьашәало аибыҭара“, –иҳәеит афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили.

Иара апартниорцәа ҭабуп ҳәа әреиҳеит ари ахырҭарҭала атәыла ацхрааразы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра..