Лаша Хуцишвили – Аҳәаа  ахысра аганахьала аҭагылазаашьа уадаҩым, атәыла иалало реиҧшҵәҟьа, иалҵуагьы  рхыҧхьаӡара ацлеит
Лаша Хуцишвили – Аҳәаа  ахысра аганахьала аҭагылазаашьа уадаҩым, атәыла иалало реиҧшҵәҟьа, иалҵуагьы  рхыҧхьаӡара ацлеит

Қырҭтәыла афинансқәа рминистр  Лаша  Хуцишвили ишиҳәаз ала,  ахазалхратә пункқәа рҿы ауаа рхыҧхьаӡа  ацлеит, аха, ари аганахьала апроблемақәа иҟам.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Лаша Хуцишвили ишиҳәаз ала,  атәыла иалало реиҧшҵәҟьа, иалҵуагьы  рхыҧхьаӡара ацлеит.

«Ахазалхратә департамент арежим ҷыдаҿ аус ауеит. Ахазхалхратә пункқәа рҿы ауаа рацәахеит, аха, ари аганахьала апроблемақәа иҟам.   Аҳәаа  ахысра аганахьала аҭагылазаашьа уадаҩым, атәыла иалало реиҧшҵәҟьа, иалҵуагьы  рхыҧхьаӡара ацлеит. Ҳара ари азҵаара ҳахылаҧшуеит » , — иҳәеит  Лаша Хуцишвили.