Кварели апротесттә акциаан иаанкылаз 16ҩык рхы иақәиҭуп
Кварели апротесттә акциаан иаанкылаз 16ҩык рхы иақәиҭуп

Лаҵара 20 рзы Кварели апротесттә акциаан административтә ҧҟарала иаанкылаз 16ҩык рхы иақәиҭуп.

Ажурналистәа ари атәы ирзаарыцҳаит иаанкылаз ауаа рдукатцәа.

Иахьа Гурџьаани аӡбаратә процесс мҩаҧган.  Иаанкылаз 16ҩык рҟынтә ҩыџьа лахьы рыҭаны иоурыжьҭит. Иахьа иоурыжьҭыз егьырҭ 14ҩык рыӡбаратә процесс нагӡахоит рашәара  19 асааҭ  13:00 рзы.

Лаҵара 20 рзы аполициа аусзуҩцәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҭаацәара алахәалацәа Қырҭтәылаҟа раара иадҳәаланы имҩаҧысуаз апротесттә акциаҿы 16ҩык ааныркылеит.