Кристиан Дэниелсон  "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа дырҧылоит
Кристиан Дэниелсон  "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа дырҧылоит

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон   “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа дырҧылоит.

Аиҧылара мҩаҧысуеит Евроеидгыла Ахаҭарнакра аофис аҿы.

«Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә аиҧылара иалахәып апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи,  апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи,  апартиа алахәыла Шалва Папуашвилии.

Кристиан Дэниелсон  Қырҭтәылаҟа дхынҳәит хәажәкыра  27 рзы. Иацы иара Қырҭтәыла иҟоу Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи  дырҧылеит. Иахьа шьыжьымҭан Кристиан Даниелсон Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии атәыла ахада Саломе Зурабишвилии дырҧылеит.